Иракли Ҕарибашвили  -  Филипп Рикер ивизит лабҿаба аанарҧшуеит Америка Аахыҵ Кавказтәи арегион ишазҿлымҳау
Иракли Ҕарибашвили  -  Филипп Рикер ивизит лабҿаба аанарҧшуеит Америка Аахыҵ Кавказтәи арегион ишазҿлымҳау

Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Филипп Рикери сареи ҳаиҧылара даараӡа ибзиан, — иҩит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили асоциалтә аҳа  «Твиттер» аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, абри авизит лабҿаба аанарҧшуеит Америка Аахыҵ Кавказтәи арегион ишазҿлымҳау.

«Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Филипп Рикери сареи ҳаиҧылара даараӡа ибзиан.  Абри авизит лабҿаба аанарҧшуеит Америка Аахыҵ Кавказтәи арегион ишазҿлымҳау.  Ҳара Қырҭтәылеи Америкеи рстратегиатә партниорра ахадаратә хырхарҭақәеи, арегионалтә шәарҭадареи ҳалацәажәеит», — иазгәеиҭеит Аҧыза-министр.