Иракли Ҕарибашвили Европарламент алахәылацәа алхрақәа рыцклаҧшразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит
Иракли Ҕарибашвили Европарламент алахәылацәа алхрақәа рыцклаҧшразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Европарламент аделегациа алахәылацәа дырҧылеит. Аиҧылараан аиҳабыра рнапхгаҩы  алхрақәа аҩбатәи атур  зхы иақәиҭу, ииашоу, иаарту алагылазаараҿы амҩаҧгара азыхиазаара далацәажәеит.
Аҧыза-министр  Европарламент алахәылацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит апандемиа шыҟазгьы, 2021 шықәсатәи аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рыцклаҧшразы.  Иара ишиҳәаз ала, атәыла аиҳабыра, актәи атур аан еиҧшҵәҟьа, аҩбатәи атур аангьы  изакәызаалак зҵаарак цәырымҵырц азыҳәан, зхы иақәиҭу, иаарту, ииашоу алхрақәа рымҩаҧгара еиқәдыршәоит, убри азыҳәан, аиҳабыра мызқәак раҧхьагьы еиуеиҧшым жәларбжьаратәи аиаҿкаарақәа алхрақәа рахь ааҧхьара рырҭеит, арҭ аиаҿкаарақәа иреиуп Европатәи Ахеилак аҭыҧантәи арегионалтәи аконгресси, Европатәи Ахеилак Апарламенттә ассамблеиеи (PACE), Европарламенти (EP), аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә Ассамблеиеи, НАТО Апарламенттә ассамблеиеи (NATO PA), Амилаҭ-демократиатә институти (NDI), жәларбжьаратәи ареспубликатә институти  (IRI).

Ишазгәаҭаз ала, апандемиа иадҳәалоу ауадаҩрақәа иазҧхьагәаҭаны, жәларбжьаратәи анаҧшцәа ргәабзиареи ршәарҭадареи аиқәыршәаразы ихиаалоуп ҷыдалатәи апротоколқәа.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, 2012 шықәса анеҩс, атәыла анапхгара изныкымкәа имҩаҧыргахьеит жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалоу адемократиатә алхрақәа. Жәларбжьаратәи анаҧшцәа еицҿакны иазхарҵеит зхы иақәиҭу ииашоу алхрақәа шымҩаҧгаз.
Иракли Ҕарибашвили ашәарҭадара аганахьала  арегион аҿы аҭагылазаашьеи апроблемақәеи дрылацәажәеит. Анеҩс, Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциеи, ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи ахырхарҭала Европарламент Қәырҭтыла иазаанарҧшуа адгылара аҵакы иазгәеиҭеит.
Европарламент алахәылацәа рҟны аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцели, Қырҭтәыла авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании, аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аиҳабы Илиа Дарчиашвилии.