Иракли Ҕарибашвили ЕАР Ассамблеиа Хада аҳәаақәа ирҭагӡаны аофициалтә аиҧыларақәа рымҩаҧгара далагеит
Иракли Ҕарибашвили ЕАР Ассамблеиа Хада аҳәаақәа ирҭагӡаны аофициалтә аиҧыларақәа рымҩаҧгара далагеит

Иахьа ЕАР Ассамблеиа Хада  76-тәи асессиа иалагоит. Зыҩаӡара ҳараку амчыбжь аартра ацеремониа рхы аладырхәоит аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили анапхгара ззиуа ақырҭуа делегациа, дара Ниу-Иорк инеихьеит.

ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хадеи, Ассамблеиа Хада ахадеи, Америка ахадеи, егьырҭ алидерцәеи адебатқәа раартра аан алахәылацәа рҿаҧхьа иқәгылоит.

Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Ассамблеиа Хада аилатәараҿы дықәгылоит цәыббра 24 рзы.

Иахьа Иракли Ҕарибашвили еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рлилерцәа рҟны ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧигоит, иара убас, ЕАР Ассамблеиа Хада  76-тәи асессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа ауснагӡатәқәа ихы рылаихәоит.

Иракли Ҕарибашвили анапхгара ззиуа ақырҭуа делегациа иалоуп авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании, аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр Михаил Чхенкелии, аиҳабыра раппарат анапхгаҩы Илиа Дарчиашвилии.