Иракли Ҕарибашвили Бахви иҟоу ашкол даҭааит
Иракли Ҕарибашвили Бахви иҟоу ашкол даҭааит

Иракли Ҕарибашвили Бахви иҟоу ашкол даҭааит

Бахви иҟоу ашкол дырҽеит  2000 шықәсазы. Созар Субари иҧшьгарала, ашкол адиректор Мзиа Вашаломиӡеи Михаил Чхенкелии рџьабаала, иахьа ҳара европатәи астандартқәа ирышьашәалоу ашкол ҿыц ҳамоуп, — иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Гуриа арегион Бахви ақыҭан иҟоу ашкол аҿы. Иахьарнахыс ари ашкол аинтернет ала еиқәыршәазаауеит.

Бахви иҟоу ашкол  аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшан цәыббразы, ари ашкол ҳаамҭазтәи астандартәқа рыла еибыҭоуп.  1870 шықәсазы абри ашкол ишьаҭаиркит Имереҭтәи   аепископ Габриел Қиқоӡе, убри аҟынтә, ашкол иахьагьы ихьӡ ахуп. Уажәтәи ахыбра иргыланы 1934 шықсазы, уи  700ҩык рзы иазҧхьагәаҭан. Иахьазы ашкол аҿы аҵара рҵоит  120ҩык ахәыҷқәа.