Иракли Ҕарибашвили -  Баҭым, акорпус ахьеилаҳаз аҭыҧ аҿы хышәҩык раҟара аиқәырхаҩцәа аус руеит, ҳара иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит иаамҭаны аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵаразы
Иракли Ҕарибашвили -  Баҭым, акорпус ахьеилаҳаз аҭыҧ аҿы хышәҩык раҟара аиқәырхаҩцәа аус руеит, ҳара иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит иаамҭаны аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵаразы

«Ҳмаҵзурақәа, аиқәырхаҩцәа, ирылшо зегьы ҟарҵоит абри аҵакырадгьыл иаамҭаны идрыцқьарц азыҳәан», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Ҕарибашвили Баҭым ажурналистцәа данрацәажәоз.

Ҕарибашвили иҳәамҭала, иахьа арыцҳара ҟалеит.

«Арыцҳара ҟалеит.  Ҳмаҵзурақәа, аиқәырхаҩцәа, ирылшо зегьы ҟарҵоит абри аҵакырадгьыл иаамҭаны идрыцқьарц азыҳәан.   Уажәазы иҳамоу аинформациа ала, аҧҽыхақәа рыҵаҟа иҟоуп  10 – 15ҩык ауааҧсыра.  Ҳара иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит иаамҭаны аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵаразы.  Аҭыҧ аҿы аус руеит хышәҩык раҟара аиқәырхаҩцәа. Дара зегьы рыла еибыҭоуп, интенсивла аус руеит, ҳәарада, аусеилыргара иалагахьеит, иакымкәа аверсиақәа иҟоуп, ҳара азҵаарақәа зегьы аҭак раҳҭоит. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иверсиа саҳаит. Аха, заанаҵы аихшьаалақәа рыҟаҵара сҭахым. Аусеилыргара алҵшәақәа ҳрызҧшып. Анцәа сиҳәоит абарҭ ауаа рыҧсы ҭаны рҭыгара ҳалшарц», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.