Иракли Ҕарибашвили - Ахәшәқәа рыхәқәа даараӡа ирыцлеит, ҳара, абри азҵаара иаамҭаны аҭыҧ иқәаҳҵароуп
Иракли Ҕарибашвили - Ахәшәқәа рыхәқәа даараӡа ирыцлеит, ҳара, абри азҵаара иаамҭаны аҭыҧ иқәаҳҵароуп

Ахәшәқәа рыхәқәа даарӡа ирыцлеит, ҳара, абри азҵаара иаамҭаны аҭыҧ иқәаҳҵароуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аекономикатә хеилак аилатәараҿы.

Аконкуренциа азҵаарақәа рзы агентра ахантәаҩы Иракли Леқвинаӡе мышқәак раҧхьа аиҳабыра рнапхгаҩы изцәыригаз афармацевтикатә џьармыкьа амониторинг абжьаратә аҳасабырба иахьа аекономикатә хеилак аформат аҿы иахәаҧшит.

Ахеилак аилатәарашҟа инарыҧхьаз аконкуренциа азҵаарақәа рзы агентра ахантаҩы аҳасабырба ахадаратә аихшьаалақәа дрылацәажәеит.

Аҧыза-министри иашьашәалоу аусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи ахәшәқәа рыхәқәа ирыдҳәалоу апроблемақәа иаамҭаны рыӡбаразы иҟаҵатәу ашьаҿақәа ирылацәажәеит.

“Шықәсқәак ҵуеит абри аҩыза аҭагылазаашьа иҟоижьҭеи, ҳара, зыҧшра ҟамҵакәа, абри апроцесс иахәҭоу ақәҿыҭра аҳҭароуп. Европатәи атәылақәа рҿы ишыҟоу еиҧшҵәҟьа иҟаҳҵоит. Иҿыцу акгьы ҳхәыцуам. Абри азҵаара аҭыҧ иқәҵатәуп, избанзар ҳуааҧсыра уи даараӡа иаргамҵуеит. Ахәшәқәа рыхәқәа даарӡа ирыцлеит, ҳара, абри азҵаара иаамҭаны аҭыҧ иқәаҳҵароуп. Иахьатәи аформат аҿы ари азҵаара ҳахәаҧшны, абри ахырхарҭала аусура ҳалагароуп”,- иҳәеит аҧыза-министр.