Иракли Ҕарибашвили - Ахәыҷқәеи ахбыџқәеи ргәабзиара ахьчара Қырҭтәыла аиҳабыра рзы ахадаратә ҵакы змоу аҳасабтәқәа иреиуп
Иракли Ҕарибашвили - Ахәыҷқәеи ахбыџқәеи ргәабзиара ахьчара Қырҭтәыла аиҳабыра рзы ахадаратә ҵакы змоу аҳасабтәқәа иреиуп

Ахәыҷқәеи ахбыџқәеи ргәабзиара ахьчара Қырҭтәыла аиҳабыра рзы ахадаратә ҵакы змоу аҳасабтәқәа иреиуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу UNICEF ахаҭарнак Ҕасан Ҕалил даниҧылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Ҕасан Ҕалил UNICEF Қырҭтәыла имҩаҧнаго аусуразы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, иаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла аиҳабыра абри аиҿкаараҟны аусеицура иаҳа арҭбаара ишазыхиоу.

Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан COVID-19 апандемиа иахылҵыз апроблемақәа рҧыхраҿы UNICEF аҟынтә атәыла иаиуз ацхыраара аҵакы.

Иракли Ҕарибашвили UNICEF апрограмма 2021-2025 шықәсқәа рзтәи адокумент ашьақәырҕәҕәара дадгылеит, избанзар уи Қырҭтәыла амилаҭтә ҧыжәарақәа ирышьашәалоуп, аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу адокумент Қырҭтәыла иацхраауеит аконкреттә хықәкқәа рынагӡараҿы.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, UNICEF апрограмма адокумент аиқәыршәара апроцесс аартын, уи иалахәын аиҳабыреи, иара убас, иашьашәалоу, иазҿлымҳау аганқәеи.

Иракли Ҕарибашвили Ҕасан Ҕалил ашколқәа рҿы афатә апрограмма ацхрааразы ҭабуп ҳәа иеиҳәан, ишазгәеиҭаз ала, зҵакы дуу абри аинициатива Қырҭтәыла ахәыҷқәа мышхәыбзазареи иаҳа еиҕу аҧеиҧши рзеиқәыршәара иацхраауеит.

Адырра аланарҵәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр ипрессмаҵзура