Иракли Ҕарибашвили -  Ауааҧсыра зегьы аветеранцәа еснагь пату рықәҵара ируалуп, рфырхаҵара ҳгәалаҳаршәалароуп, аибашьра ду зхы ақәызҵаз ауааҧсыра ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәалароуп
Иракли Ҕарибашвили -  Ауааҧсыра зегьы аветеранцәа еснагь пату рықәҵара ируалуп, рфырхаҵара ҳгәалаҳаршәалароуп, аибашьра ду зхы ақәызҵаз ауааҧсыра ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәалароуп

Ауааҧсыра зегьы аветеранцәа еснагь пату рықәҵара ируалуп, рфырхаҵара ҳгәалаҳаршәалароуп, аибашьра ду зхы ақәызҵаз ауааҧсыра ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәалароуп, – иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии аиҳабыра алахәылацәеи аветеранцәа рыхьӡала иҟоу Акультуреи аҧсшьареи апарк аҿы Аҩбатәи адунеитә еибашьра иалаӡыз ауаа ҳаҭырла иргәаладыршәеит.

„Иахьа афашизм аҵархара амш инаркны  76 шықәса ҵит. Ҳфырхацәа, ҳветеранцәа абри амш ду рыдысныҳәалар сҭахуп. Иахьатәи амш аиаара ду иамшуп, уи иалахәын имаҷымкәа ақырҭуа ветеранцәа. Аиаара азықәҧара зхы ақәызҵаз ҳфырхацәа ҳаҭырла исгәаласыршәар сҭахуп. Ҳара, ақырҭуаа,  афашизм аҵархареи  абри аҭоурыхтә ашәышықәса аиааиреи  аҿы  алагала ду ҟаҳҵеит.

Ауааҧсыра зегьы аветеранцәа еснагь пату рықәҵара ируалуп, рфырхаҵара ҳгәалаҳаршәалароуп, аибашьра ду зхы ақәызҵаз ауааҧсыра ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәалароуп“,- иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Лаҵара 9 рзы Қырҭтәыла афашизм аҵархара амш иазгәарҭоит. 1945 шықәса лаҵара   8 рзы, Германтәыла акапитулиациа ашьҭахь, Аҩбатәи адунеитә еибашьра хыркәшан. Лаҵара  9 афашизм аҵархара мшны ирылаҳәан.  Аҩбатәи адунеитә еибашьра аан Қырҭтәыла ацәыӡ ду аиуит  –   300 000ҩык раҟара ҳтәылауаа ҭахеит.

Кыршықәса рыҩнуҵҟа, абри амш азы, аибашьра аветеранцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи, ишаҧу ала, Ваке апартк аҿы еизаны, Зыхьӡ дырым аруаҩ инышәынҭраҿы ашәҭқәа шьҭарҵоит.  Аха, сынтәа, апарк аҿы имҩаҧысуа аиҭашьақәыргылартә усурақәа рымшала,  Ваке апарк аҿы аиааира амш азгәаҭаратә уснагӡатәқәа мҩаҧысуам.  Қарҭ ахадара аинформациа ала, Аҩбатәи адунеитә еибашьра иалаӡыз ауаа ҳаҭырла иргәаладыршәоит аветеранцәа рыхьӡала иҟоу Акультуреи аҧсшьареи апарк аҿы  (Киквиӡе ипарк).