Иракли Ҕарибашвили  Атәылахьчара аминистрра ауснагӡатәқәа рплан аӡыргара ихы алаирхәит
Иракли Ҕарибашвили  Атәылахьчара аминистрра ауснагӡатәқәа рплан аӡыргара ихы алаирхәит

Анеҩстәи ашықәсқәа рзы ҳара хықәкыс иҳамазаауеит атәылахьчаратә мчқәа рырҕәҕәареи рырҿиареи, ҳтәыла ахыхьчаралшара аизырҳареи аиқәыршәара, — иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Атәылахьчара аминистрра ауснагӡатәқәа рплан аӡыргараҿы данықәгылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, абри зегьы ҳтәылеи, уи ахьыҧшымреи, ҳтәылауаа ршәарҭадареи ахьчара иацхраауеит.

Иракли Ҕарибашвили 10 шықәсатәи аҿиара аплан ахықәкқәагьы дрылацәажәеит.

«Ҳара еснагь зыҧсахра аҭахымхо адокумент еиқәҳаршәар ҳҭахын. Уи хазы министрцәақәак рхәаҧшырақәа ирхьыҧшым, аха,  атәылахьчареи рҿиара иазку ахәаҧшырақәа ахьарбоу документуп, аминистр цыҧхьаӡа, аполитикатә напхгаҩы цыҧхьаӡа хымҧада абри адокумент дақәныҟәалароуп», — иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.