Иракли  Ҕарибашвили - Апартиақәеи, урҭ рыдгылаҩцәеи, ҷыдала арадикалтә оппозициеи рахь ааҧхьара ҟасҵоит апровокациақәа рҟынтә рыҽныркыларц
Иракли  Ҕарибашвили - Апартиақәеи, урҭ рыдгылаҩцәеи, ҷыдала арадикалтә оппозициеи рахь ааҧхьара ҟасҵоит апровокациақәа рҟынтә рыҽныркыларц

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили атәылаҿы алхраҧхьатәи акампаниа далацәажәан,  апартиақәеи, урҭ рыдгылаҩцәеи, ҷыдала арадикалтә оппозициеи рахь ааҧхьара ҟаиҵеит амчылареи аҭагылазаашьа ацәгьахареи зхылҵыр зылшо  апровокациақәа рҟынтә рыҽныркыларц.

«Аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа шаҟа иааигәахо аҟара атәылаҿы ацәаныррақәа шрыцло аабоит. Иааҧҵәаны исҳәар сҭахуп: дарбанзаалак ауаҩҧсы ила, агәыҧ ма апартиа ала амчылара, мамзаргьы аршәара ҳаҿагылоит.

Сара уаанӡагьы исҳәахьеит амчыларатә актқәа зегьы сышрықәыӡбо. Ақырҭуа жәлар аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, ашәҭыкакаҷреи ауп ирҭаху. Ҳажәлар ҳтәыла иақәнагоу, ҳмилаҭ адемократиа ишазгәыку аазырҧшуа алхратә кампаниа рықәнагоуп.

Сара  апартиақәеи, урҭ рыдгылаҩцәеи, ҷыдала арадикалтә оппозициеи рахь ааҧхьара ҟасҵоит  амчылареи аҭагылазаашьа ацәгьахареи зхылҵыр зылшо  апровокациақәа рҟынтә рыҽныркыларц.

Шәааи, ҳҽырҭынчны, алхрақәа ҳрызҧшып, жьҭаара 2 рзы алхырҭақәа рҿы, адемократиатә лагылазаараҿы, атәылауаҩ цыҧхьаӡа, атәыла иҭышәынтәалоу аҿиара нагӡахарцаз,  ихатә алхра ҟаиҵоит»,- иазгәаҭоуп аҧыза-министр иҳәамҭаҿы.