Иракли Ҕарибашвили - «Амилаҭтә ҵысра» ареферендум рҭахымзи,  ареферендум роуит
Иракли Ҕарибашвили - «Амилаҭтә ҵысра» ареферендум рҭахымзи,  ареферендум роуит

«Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, ҳпартиеи ҳкандидатцәеи, аҧыжәара ду ала,  амуниципалитетқәа зегьы рҿы аиааира ргоит, аха, абри аиааира шьақәҳарҕәҕәарцаз,   шәыцыҧхьаӡа шәыбжьы ҳҭахуп,  ацәымҕреи амцҳәареи ашьаҭала иаҧҵоу аполитикатә мчы аҵахарцаз», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Иара ишазгәеиҭаз ала,  иахьатәи амш анеҩстәи ҧшьышықәса рыҩнуҵҟа  аҳҭнықалақьи арегионқәеи рҿиара ҳәаақәнаҵоит.

««Амилаҭтә ҵысра» — адеструктивтә мчы хада,  ҳтәылаҿы адестабилизациа ахыҵхырҭа,  иахьа ибгеит. Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, ҳпартиеи ҳкандидатцәеи, аҧыжәара ду ала,  амуниципалитетқәа зегьы рҿы аиааира ргоит, аха, абри аиааира шьақәҳарҕәҕәарцаз,   шәыцыҧхьаӡа шәыбжьы ҳҭахуп,  ацәымҕреи амцҳәареи ашьаҭала иаҧҵоу аполитикатә мчы аҵахарцаз. Аҩызцәа, уи атәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашьақәыргылареи, ҳажәлар рырҭынчреи, ҳтәыла аекономикатә аҿиареи, асоциалтә проблемақәа рыӡбареи, атәыла адәныҟаполитикатә позициақәа рырҕәҕәареи  азы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.