Иракли Ҕарибашвили - «Амилаҭтә ҵысра», абри адеструктивтә мчы,  ақырҭуа  жәлари    «Ақырҭуа гәахәтәи» рақәҧараҿы аантәны иаҵахеит
Иракли Ҕарибашвили - «Амилаҭтә ҵысра», абри адеструктивтә мчы,  ақырҭуа  жәлари    «Ақырҭуа гәахәтәи» рақәҧараҿы аантәны иаҵахеит

Алхрақәа ҭынч имҩаҧысит, зхы иқәиҭыз, ииашаз аҭагылазаашьаҿы. Жәларбжьаратәи анаҧшцәа алхрақәа ахәшьара бзиа рырҭеит, — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, аоппозициаа рхықәкы рзынарымгӡеит, дара атәылаҿы аполитикатә кризиси аилаҩынтәреи аиҿкаара алшара рызҭашаз  алҵшәақәа рмоуит.

«64 амуниципалитетқәа рҟынтә 20 мацараҿ аҩбатәи атурқәа мҩаҧысуеит.  Ишәгәаласыршәар сҭахуп,  2020 шықәсатәи апарламентәт алхрақәа раан аҩбатәи атур мҩаҧган амуниципалитетқәа реиҳара рҿы. Убри аҟынтә, уажәы алҵша бзиа ҳамоуп.  Уи «Ақырҭуа гәахәтәы» ала Қырҭтәыла иаҧҵоу адемократиатә алхратә лагылазаара иабзоуроуп, — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Иара иажақәа рыла, аҩбатәи атур ахьымҩаҧысуа аокругқәа зегьы рҿы  «Ақырҭуа гәахәтәы» акандидатцәа аиааира ргоит.