Иракли  Ҕарибашвили  акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина аҩбатәи адоза ҟаиҵеит
Иракли  Ҕарибашвили  акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина аҩбатәи адоза ҟаиҵеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили авакцинациа наӡа дахысит.

Иахьа аиҳабыра рнапхгаҩы авакцина Pfizer аҩбатәи алаҵа ҟаиҵеит.

Иракли  Ҕарибашвили  авакцинациа дахысит Қарҭтәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы.

Аҧыза-министр даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит авакцина шшәарҭам, акоронавирус апандемиа аҵархара апроцесс аҿы авакцина ҵакыс иамоу. Аиҳабыра рнапхгаҩы атәылауаа ирыбжьеигеит ари апроцесс активла рхы аладырхәырц.