Иракли Ҕарибашвили Аџьар Ҟаҧшь Жәларбжьаратәи комитет авице-ахада диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Аџьар Ҟаҧшь Жәларбжьаратәи комитет авице-ахада диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Аџьар Ҟаҧшь Жәларбжьаратәи комитет  авице-ахада Жил Карбонье диҧылеит.

Аҧыза-министр ипресс-маҵзура адыррақәа рыла, аиҳабыра рнапхгаҩы Аџьар ҟаҧшь Жәларбжьаратәи комитет ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит абри аиҿкаара Қырҭтәыла, лымкаала, импыҵахалоу Аҧсни Цхинвали  зҵакы дуу аусура амҩаҧгаразы.

Ираклий Гарибашвили ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра, аимак амшала азарала зауз ауааҧсыра, лымкаала, Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо атәылауааи ампыҵахалатә цәаҳәа инаваршәны инхо ауааҧсыреи  Аџьар Ҟаҧшь Жәларбжьаратәи комитет аҟынтә ироуа агуманитартә цхыраара ахә ршьоит.

Аиҧылараан ҷыдала иазгәаҭан хабарда изыӡ ауааҧсыра рыҧшаареи рҭаацәара рыздырхынҳәреи азы Аџьар ҟаҧшь Жәларбжьаратәи комитет имҩаҧнаго аусура ду.  Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Аџьар Ҟаҧшь Жәларбжьаратәи комитет аҵакы хада амоуп  зыӡбахәы ҳәоу апрограммаҿы анеитралтә абжьацәажәаҩ аҳасабала.  Аиҳабыра ранапхгаҩы ишьақәирҕәҕәеит абри ахырхарҭала аусеицура анагӡара дшазыхиоу.