Иракли  Ҕарибашвили -  Аилаҩысра аиҿкаара ҳгәы иҭоушәа иҟарҵаз аҳәамҭа апровокациатә  ҟьазшьа амоуп
Иракли  Ҕарибашвили -  Аилаҩысра аиҿкаара ҳгәы иҭоушәа иҟарҵаз аҳәамҭа апровокациатә  ҟьазшьа амоуп

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭала, анапхгаратә гәыҧ цасҳәа аилаҩысра еиҿкааны Михаил Саакашвили дыршьыр рҭахушәа Саакашвили идукат Ника Гварамиа иҟаиҵаз аҳәамҭа апровокациатә ҟазшьа амоуп.

Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, «уи Саакашвили изы иҟазшьарбагоу  апровокациатә ҳәамҭоуп.

«Дара изыргәамҵуа еилаҳкаауеит. Алхрақәа рҟнынӡа мчыбжьык аанхеит. Ҳара  абри амчыбжь аҩнуҵҟала иакымкәа ахшыҩдаратә ҳәамҭақәа  ҳаҳараны ҳаҟоуп. Ажәлар рахь ааҧхьара ҟасҵар сҭахуп, шәҽырҭынч, шәааи, ргаӡара ҭынч ҳазыӡырҩып», — иҳәеит Ҕарибашвили.

Иара иажәақәа рыла, аҳақьымцәа уахгьы-ҽынгьы Саакашвили игәабзиара иахылаҧшуеит.