Иракли Ҕарибашвили – Агәра ганы сыҟоуп хықәкылатәи аҭынчратә политика мҩаҧаагар, ҳтәыла аидҵара шҳалшо
Иракли Ҕарибашвили – Агәра ганы сыҟоуп хықәкылатәи аҭынчратә политика мҩаҧаагар, ҳтәыла аидҵара шҳалшо

Арыцҳара ду ҳҭазыргылаз нанҳәатәи аибашьра инаркны 13 шықәса ҵит. Инеизакны Қырҭтәыла зегьы,  ҳажәлар зегьы ҳрыдашшылоит. Иҭахаз ҳфырхацәеи рҭаацәарақәеи ҳреихырхәоит.  Ҳаруаа фырхацәа рыҧсадгьыл, ҳтәыла аҵакырадгьылтә акзаара ахьчаразы фырхаҵарала иҭахеит,  аҭаацәара рацәа ирыцҳахеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қарҭ, Мухатгверди иҟоу аешьаратә нышәынҭраҿы. Уаҟа анышә иамадоуп  2008 шықәсазы нанҳәатәи аибашьра аан иҭахаз арратә маҵзуҩцәа.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала,  13 шықәса раҧхьа атәыла ампыҵахалара изакәаныркын, уи азы аҭак рыҧхықәуп атәыла аҧасатәи анапхгара.

«Иахьа, абра,  иҭахаз ҳфырхацәа руацәа рҿаҧхьа,  ҳтәыла ҧасатәи анапхгара рҭакҧхықәра салацәажәар сҭахым.  Ҳара уи ҳахцәажәахьеит, ақырҭуа жәларгьы рҳәатәы рҳәеит. Аха, иахьа, зегьы ишраҳауа исҳәар сҭахуп, аҳәынҭқарра иаҧырхагоу абри аҩыза апровокациа уаҳа хаангьы иҟамлароуп», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.