Иракли Ҕарибашвили  адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа рзы  ақалақь анҭыҵ адкылара мҩаҧигеит
Иракли Ҕарибашвили  адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа рзы  ақалақь анҭыҵ адкылара мҩаҧигеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министри аиҳабыра алахәылацәеи, атәылаҿы аус зуа адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа рзы ақалақь анҭыҵ адкылара мҩаҧыргеит.

Аиҧылараҿы иалацәажәеит уажәазы адунеи аҿгьы Қырҭтәылагьы акоронавирус апандемиеи иадҳәаланы иҟоу аҭагылазаашьеи, атәылаҿы  авакцинациа апроцесси, аекономикеи атуризми реиҭашьақәыргылареи, жәларбжьаратәи амҩангарақәеи.

Аиҳабыра алахәылацәа адипломатцәа ирзеиҭарҳәеит атуристтә созон азы аҽазыҟаҵара апроцесс шымҩаҧысуа. Иракли Ҕарибашвили адипломатиатә корпус даҽазнык ҭабуп ҳәа реиҳәеит апандемиа аан Қырҭтәыла иазаадырҧшыз адгыларазы.