Иракли Ҕарибашвили – Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы атәылаҿы авирус ҿызкааз ауаа рхыҧхьаӡара ацлеит, атәылауаҩратә ҭакҧхықәра ааҳарҧшып, авакцинациа ауп абри апроблема аӡбразы ахадаратә хархәагас иҟоу   
Иракли Ҕарибашвили – Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы атәылаҿы авирус ҿызкааз ауаа рхыҧхьаӡара ацлеит, атәылауаҩратә ҭакҧхықәра ааҳарҧшып, авакцинациа ауп абри апроблема аӡбразы ахадаратә хархәагас иҟоу   

Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы атәылаҿы авирус ҿызкааз ауаа рхыҧхьаӡара ацлеит, атәылауаҩратә ҭакҧхықәра ааҳарҧшып, авакцинациа ауп абри апроблема аӡбаразы ахадаратә хархәагас иҟоу, – иҳәеит Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәылаҟа китаитәи авакцина миллион адозақәа ааргахьеит, етапла   „Пфаизер“ авакцинагьы ааргоит.

„Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы акоронавирус афактқәа шырацәахаз аабоит. Ажәлар ирасҳәар сҭахуп, абри апроблема аӡбаразы авакцинациа ауп ахадаратә хархәагас иҟоу.  Уаанӡа авакцинақәа маҷын, убри акәын проблемас иҳамаз, иҳалшаз зегьы ҟаҳҵеит атәыла шаҟа аҭаху авакцинақәа аиурц азыҳәан.  „Синоваки“ „Синофарми“ миллион адозақәа ҳамоуп,  „Пфаизергьы“  миллион адозақәа етапла иҳауеит. Убри адагьы, Америка аиҳабыра миллионбжак адозақәа ҳамҭас иҳарҭарц рыӡбеит. Абарҭ адозақәагьы мчыбжьқәа рыҩнуҵҟала иҳауеит“, – иҳәеит Аҧыза-министр.