Иракли Ҕарибашвили -  Аҭагылазаашьа еицәахар, аҧкрақәак реиҭашьақәыргылара ҳақәшәар ҟалап
Иракли Ҕарибашвили -  Аҭагылазаашьа еицәахар, аҧкрақәак реиҭашьақәыргылара ҳақәшәар ҟалап

Иракли Ҕарибашвили –  Аҭагылазаашьа еицәахар, аҧкрақәак реиҭашьақәыргылара ҳақәшәар ҟалап

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  ишиҳәаз ала,  аҵыхәтәантәи аамҭазы акоронавирус ҿызкааз ауаа рхыҧхьӡара шмаҷхазгьы,  арегулиациақәа рықәныҟәара нагӡатәуп.

«Ажәлар рахь даҽазнык ааҧхьара ҟасҵар сҭахуп, асабрадақәа рныҟәгара нагӡатәуп. Ишыжәдыруа ала, ҳара ирласны аекономика аартреи аиҭашьақәыргылареи иазку ашьҿақәа ҟаҳҵеит. Егьи аганахьала, иаҳхамшҭроуп аҭагылазаашьа еицәахар, аҧкрақәа реиҭашьақәыргылара шҳақәшәо. Ус ҟамларцаз аелементартә аҳәарақәа нагӡатәуп. Аиҳабыра уи ҕәҕәала иахылаҧшуеит», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.