Иракли Ҕарибашвили - 2021 шықәсазы, Қырҭтәылантә адунеи 62 ҳәынҭқаррақәа рышҟа 107 миллион ҧатлыка аҩы аекспорт мҩаҧган, уи ихьыҧшым Қырҭтәыла аҭоурых аҿы амаксималтә арбагоуп, абри аҩыза арбага хаангьы иҟамызт
Иракли Ҕарибашвили - 2021 шықәсазы, Қырҭтәылантә адунеи 62 ҳәынҭқаррақәа рышҟа 107 миллион ҧатлыка аҩы аекспорт мҩаҧган, уи ихьыҧшым Қырҭтәыла аҭоурых аҿы амаксималтә арбагоуп, абри аҩыза арбага хаангьы иҟамызт

2021 шықәсазы, Қырҭтәылантә адунеи 62 ҳәынҭқаррақәа рышҟа 107 миллион ҧатлыка аҩы аекспорт мҩаҧган, уи ихьыҧшым Қырҭтәыла аҭоурых аҿы амаксималтә арбагоуп, абри аҩыза арбага хаангьы иҟамызт, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, 2012 шықәса инаркны иахьанӡа аҩы аекспорт 360 наӡынала иазҳаит.

„Фактқәак еиҿасырҧшыр сҭахуп – 2012 инаркны иахьанӡа аҩы аекспорт 360 наӡынала иазҳаит. Иара убас, 2012 шықәсазы аекспорт аҟынтә 71 миллион адоллар ахашәала иҟан, ҵыҧх 250 миллион адоллар иҟан. 8-9 шықәса рыҩнуҵҟала абри аҩыза апрогресс иҟоуп, уи арекордтә арбагоуп. Иара убас, аҳасабырбаратә аамҭа иалагӡаны, аекспорт ахь идәықәҵоуп 42 миллион ҧатлыка абренд, ари арбагагьы 2020 шықәсатәи арбага аасҭа 30%-ла еиҳауп, 2012 шықәсазы иҟаз арбага аасҭа 550%-ла еиҳауп. Абренд аекспорт 78 миллион адоллар ахашәала аанагеит. 2012 шықәсазы 20 миллион мацара акәын иҟаз”, – иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, аҩы аекспорт иалахәып 441 ақырҭуа еилахәырақәа, дара адунеи еиуеиҧшым атәылақәа рахь аҩы дәықәырҵоит. 2012 шықәсазы аекспорт иалахәын 100 еилахәыра мацара.

„Ишыжәдыруа ала, адунеи еиуеиҧшым атәылақәа рахь аекспорт мҩаҧызго аилахәырақәа рхыҧхьаӡара ацлеит, иахьазы аекспорт иалахәып 441 ақырҭуа еилахәырақәа. 2012 шықәсазы 100 ракәын иҟаз.

Инеизакны иуҳәозар, аҩи, абренди, ауаткеи, аспирти, еихырҧсаҟьаны ирҭиуа аҩи аекспорт 400 миллион адоллар ахашәала аанагеит, ҵыҧхтәи арбага аасҭа 18%-ла иаҳа ирацәаны, 2012 шықәсатәи арбага аасҭа 142%-ла иаҳа ирацәаны, усҟан 163 миллион адоллар акәын ахашәалас иҟаз. Сынтәатәи арбагақәа зеиҧшҟамлац ала идууп, абри зегьы ҳаиҳабыра рааҧсареи, насгьы, 2012 шықәса жьҭааразы ҳара – „Ақырҭуа гәахәтәы” ҳазлагаз хшыҩкралатәи аполитикеи иабзоуроуп”, – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.