Иракли Гарибашвили  Владимир Зеленски иахь  - Украина атәылауаа Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рҽаларгалар ҟалом
Иракли Гарибашвили Владимир Зеленски иахь - Украина атәылауаа Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рҽаларгалар ҟалом

Қырҭтәыла аҧыза-министри Украина ахадеи ҭелла еицәажәеит.

Аиҿцәажәараан Владимир Зеленски Украина атәылауаҩ, абаандаҩы Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа шыҟоу дҵааит.

Иракли Ҕарибашвили иара ишиеиҳәаз ала, абаандаҩы Саакашвили апенитенциартә усбарҭашҟа даннаргацәҟьа инаркны, егьырҭ абаандаҩцәа реиҧшҵәҟьа, уахгьы – ҽынгьы ихылаҧшуеит, амедицинатә цхыраара ирҭоит.

Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Украина атәылауаҩ Саакашвили идукатцәеи, иҭаацәара алахәылацәеи, Қырҭтәыла апарламент адепутатцәеи рбара алшара имоуп, данҭарк инаркны шәҩык иреиҳаны аҭааҩцәа идикылеит.

Ахада Зеленски абаандаҩы Саакашвили абахҭатә хәышәтәырҭашҟа ииагара азҵарагьы дазаҭгылеит. Абри азҵаара иадҳәаланы, Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Украина ахада иеиҳәеит абаандаҩы Саакашвили  18-тәи аусбарҭашҟа даниарга ашьҭахь, иара аусбарҭа аусзуҩцәеи аҳақьымцәеи ажәалагьы махәҿалагьы ахьымӡҕ шдиргаз. Убри аҟынтә, апенитенциартә усбарҭа администрациа азакәан ала иазҧхьагәаҭоу  ауснагӡатәқәа мҩаҧыргеит.

Аҭелтә аиҿцәажәара аан Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, абаандаҩы Михаил Саакашвили изакәандаратә хымҩаҧгашьа  апровокациатә, деструктивтә ҟазшьа амоуп, атәыла аҭышәынтәалара иаҧырхагоуп, Украина атәылауаа Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рҽаларгалар ҟалом.

Иара убас, Қырҭтәыла аҧыза-министр Украина ахада иеиҳәеит аҧшаараҿы иҟаз, еиуеиҧшым ацәгьаурақәа рзы ахара здыз Саакашвили закәандарала Қырҭтәыла аҳәаа дшахысыз.

Владимир Зеленски ақырҭуа аган дрыҳәеит  украинатәи аҳақьымцәа Михаил  Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа агәаҭара алшара рырҭарц, ари азҵаара иадҳәаланы Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, абаандаҩы Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа иахылаҧшуеит зквалификациа ҳараку ақырҭуа ҳақьымцәа.