Иракли Ӷарибашвили Украинаҿ ивизит иалагеит
Иракли Ӷарибашвили Украинаҿ ивизит иалагеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Украинаҿ иофициалтә визит иалагеит. Львовотәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы иԥылеит Украина аԥыза-министр Денис Шмыгали, Украина Атәылахьчара аминистр Анлреи Тарани, аминистрцәа ркабинет аминистр Олег Немчмнови, Львовтәи арегион администрациа анапхгаҩы Максим Козицкии, Львов ахада Андреи Садавоии, Қырҭтәыла иҟоу Украина ацхаражәҳәаҩ Игор Долгови, Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҭеимураз Шарашениӡеи.

Имҩаԥган аԥылара атрадициатә церемониа.

Иахьа Қырҭтәыла аԥыза-министр Львов аиԥыларақәа мҩаԥигоит.

Уаҵәы Киев иалагоит аофициалтә аиԥыларақәа. Қырҭтәыла аԥыза-министр Киев Украина ахада Владимир Зеленскии,  Украина аԥыза-министр Денис Шмыгали, Украина иреиҳаӡоу Рада ахантәаҩы Дмитро Разумков дырԥылоит.  Аԥыза-министри аҳәынҭқаррақәа рлидерцәеи Ҟрымтәи аплатформа асаммит рхы аладырхуеит, асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны адекларациа аус адырулоит.

Қырҭтәыла аԥыза-министр дызхагылоу Қырҭтәыла аделегациа иалоуп вице-аԥыза, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Залкалиани, Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе, Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Илиа Дарчиашвили.