Иракли Ӷарибашвили Шарль Мишель диԥылеит
Иракли Ӷарибашвили Шарль Мишель диԥылеит

Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Қырҭтәыла визитла иҟоу Европатәи ахеилак ахада  Шарль Мишель иҟны ишиашоу аиԥылара мҩаԥигеит.

«Аиԥылараан аганқәа иазгәарҭеит адунеи арегиони рҟны иҟоу ааԥхбарақәа рфон аҿы Қырҭтәыла имҩаԥысуа апроцессқәа аконструктивтә диалог ала рҭышәныртәалара аҵак ду шамоу.

Аганқәа иазааҭгылеит Қырҭтәыла импықахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы агуманитартәи ауаҩытәыҩса изинқәеи рганахьала иҟоу аҭагылазаашьа цәгьеи Қырҭтәыла атәылауаа изакәанымкәа раанкылареи ирызку азҵаарақәа.

Иара убас аиԥылараан иахәаԥшит covid-19 апандемиаан Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа, Қырҭтәыла Аԥыза-министр апандемиа аҿагылара аус аҿы адгыларазы иҭабуп ҳәа ааицҳаит. Аԥыза-министр иажәақәа рыла, авакцинақәа еициеҟараны иршароуп,» – иануп Қырҭтәыла Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Шарль Мишель Орбелианиаа рхан аҿы Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили дылԥылеит. Ишиашоу еиԥылара ашьҭахь Қырҭтәыла ахадеи Европатәи ахеилак ахадни аих рзы аҳәамҭақәа еицыҟарҵеит.

Апланқәа ирылоуп апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡеи аполитикатә партиақәа рхаҭарнакҵәеи рҟны аиԥыларақәа.

Европатәи ахеилак ахада ақыҭа Хурвалеҭи иҟоу ампықахаларатә цәаҳәашҟа днеиуеит, иара убас ихы алаирхәоит Евроеидгыла ахаҭарнакра аофис ҿыц аартра ацеремониа.

Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель ивизит хәажәкыра 2 рзы ихыркәшоит.