Иракли Ӷарибашвили Рухтәи аклиникаҿ авакцинациа апроцесс шымҩаԥысуа гәеиҭеит
Иракли Ӷарибашвили Рухтәи аклиникаҿ авакцинациа апроцесс шымҩаԥысуа гәеиҭеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии, апарламент ахантәаҩы Каха Куҷавеи Жәыргьыҭтәи амуниципалитет аҿы иҟоу Рухтәи аклиникаҿ авакцинациа апроцесс шымҩаԥысуа гәарҭеит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, аиҳабыра рнапхгаҩы алаҵаҟаҵаратә бригадақәа рхаҭарнакцәеи ауааԥсыреи драцәажәан, апандемиа аҿагылара аус аҿы авакцинациа аҵак ду шамоу иазгәеиҭеит.

Рухтәи аклиниа анапзгаҩы Давид Шониа иҟаиҵаз аҳәамҭала, аклиникаҿ есымша алаҵақәа рзыҟарҵоит 600-ҩык. Иахьазы аклиникаҿ алаҵақәа рзыҟарҵахьеит 2000-ҩык.

“Рухтәи ареспубликатә хәышәтәырҭа арегион аҿы иалукааша аклиникақәа иреиуоуп, ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәало аҳәынҭқарратә клиникоуп, аклиника 220-ҩык апациентцәа рыдкылара алшоит, акоронавирус апандемиаан аҭыԥ аҿы авакцинациеи атестқәа рыҟаҵареи қәҿиарала мҩаԥысуеит.

Аклиникаҿ рҽырыхәшәтәуеит Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла ауааԥсыра мацара акәым, импықахалоу Аԥсны иқәынхо атәылауаагьы,” – иануп Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аланарҵәаз аинформациа аҿы.