Иракли Ӷарибашвили - Қырҭтәыла ахьӡала схы аласырхәит Глазго имҩаԥысыз ЕАР аклимат аҽеиҭакра азҵаарақәа рзы 26-тәи аконференциа
Иракли Ӷарибашвили - Қырҭтәыла ахьӡала схы аласырхәит Глазго имҩаԥысыз ЕАР аклимат аҽеиҭакра азҵаарақәа рзы 26-тәи аконференциа

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили аклимат аҽаҧсахра азҵаарақәа рзы ЕАР 26-тәи аконференциа адунеитә лидерцәа рсаммит ихы алаирхәит, асаммит Глазго мҩаҧыган. Асаммит аҽалархәра иазкны Ӷарибашвили асоциалтә каҭа “Твиттер” аҿы иҩит.

“Қырҭтәыла ахьӡала схы аласырхәит Глазго имҩаԥысыз 2021 шықәсатәи ЕАР аклимат аҽеиҭакра азҵаарақәа рзы 26-тәи аконференциа.

Еидҵоу акралра аԥыза-министр Борис Џьонсони ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антонио Гутиереши ҭабуп ҳәа расҳәоит апандемиа апериод аан адунеи 120-ҩык иреиҳаны алидерцәа реизгара ахьрылшаз.

Аклимат аҽеиҭакра аглобалтә ааԥхьароуп, уи аҿагылара ҳамчқәа еидкыланы мацара  ҳалшоит.

#TogetherForOurPlanet“, – иазгәеиҭеит Иракли Ӷарибашвили.