Иракли Ӷарибашвили Михеил Саакашвили изкны иаарту ашәҟәы иҩит
Иракли Ӷарибашвили Михеил Саакашвили изкны иаарту ашәҟәы иҩит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили изкны иаарту ашәҟәы иҩит. Уи, Саакашвили Қырҭтәыла иҭаара хықәкыс иамаз аверсиақәа дрылацәажәоит.

«Ауааԥсыраҿ аларҵәара зауз аверсиақәа рацәоуп: амч анапахьы аагара, аегоизм, «Амилаҭтә ҵысра» алидерцәа рхыбаара уҳәа уб. егь.

Џоукы ргәы иаанагоит аԥсадгьыл ахь аилаҩынтра аиҿкааразы дхынҳәит ҳәа, егьырҭ – анаркотикатә маҭәашьар ахархәара иахҟьаны иҟаиҵоз еиликаауамызт ҳәа,» – иазгәеиҭоит Ӷарибашвили.

Иракли Ӷарибашвили игәы иаанагом Саакашвили абахҭа аҭатәара дазыхиан ҳәа. Ари игәы иҭазҭгьы, маӡала, азакәан еилаганы даауамыт ҳәа.

«Саакашвили Қырҭтәыла ихынҳәра хықәкыс аман аилаҩынтра, анапхгараҭара анапахьы аагара, ари алогика зегь реиҳа иазааигәоу весиас сыԥхьаӡоит,» – иануп Ӷарибашвили иҳәамҭа аҿы.

Ӷарибашвили иажәақәа рыла, «Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәа ирхашҭит иахьа Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә институтқәа ишахәҭоу еиԥш аус ахьыруо.

«Амилаҭтә ҵысреи» апропагандисттә апартиатә телехәаԥшрақәеи ауааԥсыра амц рарҳәоит аҳәынҭқарра еилаҳаит ҳәа. Ари ацынхәрас, Саакашвили ишахәҭоу аус зуа аҳәынҭқарратә система иԥылеит.

Абри ауп абахҭа аҭакра ашьҭахь, Саакашвили ипсихикатә ҭагылазаашьа аԥсахра зыхҟьаз, уи абахҭа дыччо дҭалеит, аха уажәы уантә аҭыҵрада акгьы даргәамҵуам,» – иҩит «Феисбук» аҿы Иракли Ӷарибашвили.