Иракли Ӷарибашвили  - Изаамҭаным алхрақәа мҩаԥгахом
Иракли Ӷарибашвили  - Изаамҭаным алхрақәа мҩаԥгахом

Атәылаҿ изаамҭаным алхрақәа мҩаԥгахом, ари ахцәажәара ихыркәшоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.

Иажәақәа рыла, Қырҭтәыла 2020 шықәса жьҭааразы имҩаԥгаз апарламенттә алхрақәа адунеи аҿы азхаҵара роуит.

«Атәылаҿ изаамҭаным алхрақәа мҩаԥгахом, ари ахцәажәара ихыркәшоуп. Евроеидгыла аофициалтә хаҭарнакцәеи, ЕАШ аҳәынҭҟарратә департаменти, асенати, Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи еиҿкаара/ODHIR рҳәамҭақәагьы ҳарзыӡырҩит. Апарламенттә алхрақәа адунеи аҿы азхаҵара роуит,» – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.