Иракли Ӷарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, Баиден иԥшьгарала имҩаԥысуа адемократиазы асаммит ахь Саломе Зурабишвили ддәықәлоит
Иракли Ӷарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, Баиден иԥшьгарала имҩаԥысуа адемократиазы асаммит ахь Саломе Зурабишвили ддәықәлоит

Ҳара  ассоциациа змоу трио  – Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи рԥызаминистрҵәа реиԥыларазы ҳҽазыҟаҳҵоит, уи абҵара 30-и ԥхынҷкәын аказы Бриуссель мҩаԥгахоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили аиҳабыра реилатәара аҿы.

Аиҳабыра рхантәаҩы ишазгәеиҭаз ала, Баиден иԥшьгарала имҩаԥысуа адемократиазы асаммит ахь Саломе Зурабишвили ддәықәлоит.

“Қырҭтәыла ахадагьы аофициалтә ааԥхьара лоуит, иҳадаҳкылаз аӡбара инақәыршәаны, ЕАШ ахада Џьо Баиден иԥшьгарала ԥхынкәын 10 рзы имҩаԥысуа адемократиазы асаммит ахь Қырҭтәыла ахьӡала Саломе Зурабишвили ддәықәлоит. Иара убас, ԥхынҷкәын 1-2 рзы Нато аминистериал ахь ддәықәлоит Давид Залкалиани,” – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр.