Иракли Ӷарибашвили иажәақәа рыла, изаамҭаным алхрақәа мҩаԥгахом
Иракли Ӷарибашвили иажәақәа рыла, изаамҭаным алхрақәа мҩаԥгахом

Ҳгәыԥ атәылеи ажәлари ринтересқәа ирышьашәаланы аусура ҳаҿуп. Апартиаа адиалог иалагарц рҭахызар, ари азы иашьашәалоу аформат аҿы уи наҳагӡарц ҳахиоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.

Иракли Ӷарибашвили Шарль Мишель иҟны аиԥылара дахцәажәан ишааицҳаз ала, аиԥылараҿ зҵаарақәак ирзааҭгылеит , арҭ азҵаарақәа аоппозициатә партиақәа иқәдыргылеит.

«Ҳпозициа изныкымкәа иаасырԥшхьеит, даҽазныкгьы ишәасҳәарц сҭахуп. Азҵаара Мелиа ихақәиҭтәра иазкын. Ҳара азакәан анагӡара ҳаҿагылом, иареи иҭаацәара алахәылацәеи ианырҭаху ирылшоит ашас ԥара ашәара, ринтересқәа ирылоуп Мелиа абахҭаҟынтә ихақәиҭтәра.

Аҩбатәи ахҿзҵаара алхратә реформа амҩаԥгара иазкын.

Ахԥатәи азҵаара изаамҭаным алхрақәа рымҩаԥгара иазкын. Ари азҵаара иадҳәаланы позициа ԥсаххом. Атәылаҿ изаамҭаным алхрақәа рымҩаԥгара илегитиму ашьаҭа иҟам,» – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.