Иракли Ӷарибашвили - Иахьа нахыс ҭырқәтәылатәи аџьармыкьа аартуп, Қырҭтәылаҟа иааҳгоит зхаҭабзиара ҳараку ахәышәқәа, урҭ рыхә маҷхоит
Иракли Ӷарибашвили - Иахьа нахыс ҭырқәтәылатәи аџьармыкьа аартуп, Қырҭтәылаҟа иааҳгоит зхаҭабзиара ҳараку ахәышәқәа, урҭ рыхә маҷхоит

Иахьарнахыс ҭырқәтәылатәи аџьармыкьа аартуп, Қырҭтәыла ааҳгоит gmp астандартқәа ирышьашәалоу ахәышәқәа, – иҳәеит иахьа имҩаԥгаз Аиҳа́быра реилатәараҿ Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, ахәышәқәа рыхә маҷхоит.

“Ишәаҳҭаз ажәа инақәыршәаны, иахьа Аиҳабыра ақәҵара анапы аҵазҩит. Иахьарнахыс ҭырқәтәылатәи аџьармыкьа аартуп, Ҭырқәтәылантә Қырҭтәыла ааҳгоит gmp астандартқәа ирышьашәалоу ахәышәқәа. Ахәқәа еиԥшым, ҳа ҳҿы ахәышә 10 лари иаԥсозар, Ҭырқәтәыла уи ларк ма ҩларк иаԥсоуп. Ҭырқәтәылатәи аџьармыкьа аркра аргумент смаҳаитю Убри аҟынтә Ҭырқәтәыла аџьармыкьа аартра аӡбара ҳадаҳкылеит,” – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.