Иракли Ӷарибашвили - Европарламент алахәыла сеиҳабы иакәӡам, еиҳабыс исымоу ақырҭуа жәлар роуп
Иракли Ӷарибашвили - Европарламент алахәыла сеиҳабы иакәӡам, еиҳабыс исымоу ақырҭуа жәлар роуп

Европарламент алахәыла сеиҳабы иакәӡам, сеиҳабыс сыԥхьаӡоит ақырҭуа жәлар, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили  европарламент алахәыла Виола фон Крамон иҟалҵаз аҳәамҭа иаҭакны.

Ӷарибашвили иажәақәа рыла, европарламент алахәылацәа хыхь-хыхьлатәи аҳәамҭақәа ҟарымҵароуп.

“Аус аҵакы аилкаара рҭахызар, еилыркаароуп, хыхь-хыхьлатәи аҳәамҭақәа ҟарымҵароуп. Изҳәаз ииҳәаз аинтерес сымам, сыуаажәлар расҳәеит, ари ауалын, иацҵаны ауал агара мап ацәаҳкит,” – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.

Европарламент алахәыла Виола Фон Крамон иҟалҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла аиҳабыра Евроеидгыла амфкрофинанстә ацхыраара аҩбатәи атранш аиуразы амаз ахыдҵақәа рынагӡара алымгеит, убри аҟынтә афинансқәа раиура мап ацәкра алшара амамызт