Иракли Ӷарибашвили Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа ахада диҳәеит аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа раан анаԥшцәа рацәаны ааишьҭырц
Иракли Ӷарибашвили Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа ахада диҳәеит аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа раан анаԥшцәа рацәаны ааишьҭырц

Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли  Ӷарибашвили Қырҭтәыла аофициалтә визитла иҟоу Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа ахада Рик Демс диԥылеит.

Аганқәа 2021 шықәсазы имҩаԥысран иҟоу ахаланапхгараҭарахь алхрақәа ирзааҭгылеитю Аиҳабыра рхантәаҩы Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа ахада 2020 шықәсазы апандемиа иахәамԥшыкәа алхрақә рахь анаԥшцәа раашьҭразы иҭабуп ҳәа иаиҳәан, диҳәеит 2021 шықәсазы имҩаԥысран иҟоу аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа раан анаԥшцәа рацәаны ааишьҭырц.

Иракли Ӷарибашвилии Рик Демсии Шарль Мишель аус адиулаз аиқәшаҳара иазааҭгылеит. Аԥыза-министр ишазгәеиҭаз ала, анапхгаратә гәыԥ аиқәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоу апунктқәа зегьы нанагӡеит. Ӷарибашвили иажәақәа рыла, аоппозициаа рыхәҭа ду Мишель идокумент рнапы аҵарымҩит, ари аполитикатә ҭагылазаашьа аҭышәнтәалареи аҭынчра ашьақәгылареи ирԥырхагоуп.

Аиԥылараҿ аганқәа ирыхцәажәеит ԥхынгәы 5-6 рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа.