Иракли Ӷарибашвили Егрытәи ацҳаҿ дыҟан
Иракли Ӷарибашвили Егрытәи ацҳаҿ дыҟан

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии, апарламент ахантәаҩы Каха Куҷавеи Егрытәи ацҳаҿ иҟан. Аиҳабыра рнапхгаҩы полициа аԥыԥшырҭа аусуҩцәа дырԥылеит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, аԥыза-министр азакәанхьчаҩцәа драцәажәан, аԥыԥшырҭаҿ ашәарҭадара аганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу гәеиҭеит. Иракли Ӷарибашвили аԥыԥшырҭа аусуҩцәа русуразы иҭабуп ҳәа раиҳәеит.

Аԥыза-министр ампыҵахаларатә цәаҳәаҿ инхо ауааԥсыра дырԥылан, урҭ ирымоу ауадаҩрақәеи, акоронвирус амзызла иҟоу аԥкрақәеи ирызкны драцәажәеит.