Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили ЕАШ аконгрессменцәа дырԥылеит. Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, Аиҳабыра радминистрациаҿ имҩаԥгыз аиԥылараҿ ЕАШ-и Қырҭтәылеи ирыбжьоу астратегиатә партниореи аконгрессменцәа Қырҭтәылаҿ рвизит атәылақәа рыбжьара аусеицура анагӡара даҽазнык шьақәнарӷәӷәоит.
Қырҭтәыла визитла иҟоу аконгрессменцәа ЕАШ аконгрес ахаҭарнакратә палатаҿ иаԥшьыргаз “Қырҭтәыла адгыларатә акт” аспонсорцәа роуп, ари ахы аԥыза-министр урҭ иҭабуп ҳәа раиҳәеит.
Аиԥылараҿ ирыхәаԥшит аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәеи, Амшын Еиқәа ашәарҭадареи. Иазгәаҭан ЕАШ Қырҭтәыла партниорс шаанхо.