Иракли Ӷарибашвили - Аҩадаатлантикатә алианс арратә комитет ахантәаҩы ивизит шьақәнарӷәӷәоит, Нато Қырҭтәыла алианс алалара шадгыло
Иракли Ӷарибашвили - Аҩадаатлантикатә алианс арратә комитет ахантәаҩы ивизит шьақәнарӷәӷәоит, Нато Қырҭтәыла алианс алалара шадгыло

Аҩадаатлантикатә алианс арратә комитет ахантәаҩы ивизит шьақәнарӷәӷәоит, Нато Қырҭтәыла алианс алалара шадгыло, – “Твиттер” аҿы иҩит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, аиԥылараҿ ирзааҭгылеит Амшын Еиқәа арегион ашәарҭадареи, алианс аҟны аусеицура аконтекст аҿы иҟоу аихьӡарақәеи, аглобалтә ҭынчреи ашәарҭадареи реиқәыршәара азҵаарақәа рҿы Қырҭтәыла ароли аҵаки.

“Зеиԥшҟамлац аиԥылара сыман Нато арратә комитет ахантәаҩы иҟны. Ивизит шьақәнарӷәӷәоит, Нато Қырҭтәыла алианс алалара шадгыло. Аиԥылараҿ ирзааҭгылеит Амшын Еиқәа арегион ашәарҭадареи, алианс аҟны аусеицура аконтекст аҿы иҟоу аихьӡарақәеи, аглобалтә ҭынчреи ашәарҭадареи реиқәыршәара азҵаарақәа рҿы Қырҭтәыла ароли аҵаки,”- иазгәаҭоуп Иракли Ӷарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭаҿ.