Иракли Ӷарибашвили - Атәыла аекономика аиҭашьақәыргылара иаҿуп
Иракли Ӷарибашвили - Атәыла аекономика аиҭашьақәыргылара иаҿуп

Иҟаҳҵаз ииашоу ашьаҿақәа  ирыбзоураны, ҳтәыла аекономика аиҭашьақәыргылара иаҿуп, – иҳәеит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иахьа имҩаԥысыз аиҳабыра реилатәараҿж.

Аԥыза-министр Астатистиказы амилаҭтә биуро арбагақәа дрыхцәажәеит

“Ҳуааԥсыра ирасҳәар сҭахуп, иҟаҳҵаз ииашоу ашьаҿақәа  ирыбзоураны, ҳтәыла аекономика аиҭашьақәыргылара иаҿуп. Мшаԥазы 45%-тәи азҳара ҳаман, лақаразы  – 25%-тәи, рашәаразы – 18,7%-тәи азҳара. Фымзтәи арбагала аекономика азҳара 12,6% иаҟароуп, ари апрецедент мзмам арбагоуп. Абизнеси апроект ҿыцқәеи рыдгылара шынаҳагӡо даҽазнык исҳәар сҭахуп,” – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.