Иракли Ӷарибашвили - Ақырҭуа бызшәа инаваргыланы, аҧсуа бызшәагьы Қырҭтәыла Аконституциала ихьчоуп
Иракли Ӷарибашвили - Ақырҭуа бызшәа инаваргыланы, аҧсуа бызшәагьы Қырҭтәыла Аконституциала ихьчоуп

Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Ҕарибашвили ауааԥсыра аԥсуа бызшәа амш рыдиныҳәалоит.

Иракли Ҕарибашвили иажәақәа рыла, ақырҭуа бызшәа инаваргыланы, аҧсуа бызшәагьы Қырҭтәыла Аконституциала ихьчоуп.

“Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы, ҷыдала аҧсуа жәлар рхатәы бызшәа, аҧсуа бызшәа амш рыдысныҳәалар сҭахуп. Аҧсуа бызшәеи, акультуреи, атрадициақәеи иаҳзеиҧшу ахкырацәаратә культура иузалымхуа хәҭоуп, иаҳзеиҧшу беиароуп. Ақырҭуа бызшәа инаваргыланы, аҧсуа бызшәагьы Қырҭтәыла Аконституциала ихьчоуп, ҳҳәынҭқарра аҧсуа бызшәа ахьчареи аҿиареи азы аҭакҧхықәра ҷыда адуп.

Аҧснытәи арегион ампыҵахалареи уажәазы имҩаҧысуа арусификациеи азакәандаратә политика амшала аҧсуа бызшәа ақәыӡӡаара ашәарҭара иҭагылоуп; Қырҭтәыла аиҳабыра крызҵазкәа ашьаҿақәа ҟарҵоит аҧсуа бызшәа аиқәырхареи, ахьчареи, аҿиареи ацхраареи аӡыргареи ахырхарҭала. Аҧсуа культура аҷыдарақәеи ахатәҟазшьареи аиқәырхареи абызшәа аҿиареи азыҳәан ҳаидгылара аҵакы ду амоуп, излауа ала ирацәаны аҿар абри ауникалтә бызшәа аҵара иазҿлымҳахаратәы иҟаҳҵароуп. Ҳара, еиду европатәи аҳәынҭқарраҿы аҭынчратә ҧеиҧш аиқәыршәаразы ҳаидгылароуп.

Еицыҳахьчап аҧсуа бызшәа!” – иануп аԥыза-министр иҟаиҵаз адныҳәалараҿ.