Иракли Ӷарибашвили амилаҭтә еиқәшаҳаҭра аидеиа иазкны
Иракли Ӷарибашвили амилаҭтә еиқәшаҳаҭра аидеиа иазкны

Ари имариам усуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ауаҩи иҟаиҵаз ацәгьаура, агха дазхәыцны, агха ҟасҵеит, саҭамзааит ҳәа аҳәара аниҭахым азы аҷҟәандарцәа, адоуҳаныҟәгаҩцәа рацәаны рҳәамҭақәа сырзыӡырҩит, убри аҟынтә ари имариам усуп, калашьа амам ҳәа сгәы иаанагоит, иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили амилаҭтә еиқәшаҳаҭра аидеиа данахцәажәоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы атәылаҿ аполиаризациа ахыркәшара дадгылоит.

“Аполиаризациа аҩаӡара ҳаракуа, ари ҳинтересқәа ирылам, аха аполиаризациа амзыз иарбану – ари азы аҭак аҟаҵара мариопу – аполиаризациа арҭ адеструктивтә мчқәа ирыхҟьоуп.

Иашьашәалоу аҭак ҟаҳҵоит. Аӡәы иҟаиҵаз азхаҵара иҭаххар, аполитика аԥсахра, арадикализм мап ацәкра, ареванш мап ацәкра иҭаххар, ари даара ҳаргәырӷьоит, аха ари имариам. Ари аидеиа автори аинициатори ақәҿиарақәа лзеиӷьасшьоит,” – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.