Иракли Ӷарибашвили - Сара ажәа шәысҭоит абри апровокациа иалахәыз амчылаҩцәа зегьы ахьырхәра ҕәҕәа шроуа
Иракли Ӷарибашвили - Сара ажәа шәысҭоит абри апровокациа иалахәыз амчылаҩцәа зегьы ахьырхәра ҕәҕәа шроуа

Аусеилыргаҩцәа версиақәак аус рыдырулоит. Агрессиатә гәыҧқәа уахь ишнеиз, хықәкыла ажурналистцәеи аҭыхыҩцәеи изрықәлаз, абри зхегьы еилкаатәуп, – иҳәеит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иахьа имҩаԥысыз аиҳабыра реилатәара аҿы.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, апровокациа иалахәыз амчылаҩцәа зегьы ахьырхәра ҕәҕәа шроуа.

“Аспекулиациақәа рылацәажәара сҭахым. Агрессиатә гәыҧқәа уахь ишнеиз, хықәкыла ажурналистцәеи аҭыхыҩцәеи изрықәлаз, абри зхегьы еилкаатәуп. Абри азҵаара аҭак аҭатәуп аусеилыргара ала. Версиак инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу апровокациа еиҿкаазар ҟалап ареваншисттә радикалтә мчқәа рыла. Ҳара ибзианы иҳгәалашәоит, ахаангьы иҳхашҭуам зыӡбахәы сҳәаз амчылаҩцәа ҳтәыла анапхгара аназыруаз изакәытә методқәоу рхы иадырхәоз. Рхатә политикатә хықәкқәа рынагӡаразы ҳтәылауаа ирҿагыланы атеррористтә актқәагьы иқәдыргылон,” – иҳәеит Аԥыза-министр.

Рашәара 5 рзы иҟалаз ахҭысқәа раан аахақәа зауз  “Тв Пирвели” ахыҭҩы  Леқсо Лашкарава дыҧсит. «Ҭбилиси Прад» иаҿагылаз акциа алахәылацәа аиҿкаара  «Ҧхашьароуп» аофис мчыла иҩналаны,  «ТВ Пирвели» аҭыхратә гәыҧ ирықәлеит. Аҭыхҩы  Леқсо Лашкарава ааха ҕәҕәақәа иоуит.