Иракли Ӷарибашвили - Алхрақәа ҭынч мҩала амҩаԥгаразы амобилизациа рылаҳәоуп
Иракли Ӷарибашвили - Алхрақәа ҭынч мҩала амҩаԥгаразы амобилизациа рылаҳәоуп

Зхы иақәиҭу алхрақәа ҭынч мҩаԥаагароуп, актәи атур аҿы ишыҟаз еиԥш ҿырԥшыгас ҳҟалароуп, адеструктивтә аоппозициаа адеструкциа амҩаԥгаразы амзыз раҳамҭароуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.

Иракли Ӷарибашвили иажәақәа рыла, алхрақәа ҭынч мҩала мҩаԥгахарц азы амобилизациа рылаҳәоуп.

“Аҩбатәи атур ахьымҩаԥысуа амуниципалитет цыԥхьаӡа аҿы ҳпартиа ахаҭарнакцәа, активистцәа ҳарԥыланы, иҳамоу апланқәа даҽазнык ҳарзааҭгылоит. Амуниципалитетқәа зегьы рҿы аиааира ҳгоит. Алхрақәа ҭынч мҩала, аконструктивтә ҭагылазаашьаҿ мҩаԥгахарц азы амобилизациа рылаҳәоуп. Ҳтәылаҿ Саакашвили ипартиа аҵыхәа ԥҵәарц азы, ахақәиҭратә аиааира ҳгароуп,” – иҳәеит аԥыза-министр.