Иракли Ӷарибашвили  - Ҳара даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәоит аконструктивтә диалоги излауа ала ирласны иашьашәалоу аиқәшаҳаҭха адкылареи ҳшазхиоу; ҳара алҵшәа зхылҵша аконкреттә аӡбара ҳадаҳкылар ҳҭахуп
Иракли Ӷарибашвили  - Ҳара даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәоит аконструктивтә диалоги излауа ала ирласны иашьашәалоу аиқәшаҳаҭха адкылареи ҳшазхиоу; ҳара алҵшәа зхылҵша аконкреттә аӡбара ҳадаҳкылар ҳҭахуп

Ҳара даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәоит аконструктивтә диалоги излауа ала ирласны иашьашәалоу аиқәшаҳаҭха адкылареи ҳшазхиоу; ҳара алҵшәа зхылҵша аконкреттә аӡбара ҳадаҳкылар ҳҭахуп, – иҳәеит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Европа ахеилак ахада Шарль Мишеиль ихаҭарнак Кристиан Даниельсон иҟны аиԥылараан.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, анапхгаратә гәыԥ Евроеидгыла имҩаԥнаго амедиациа ахәшьара ҳарак анаҭоит, уи аҭагылазаашьа аескалациеи аполитикатә процесс аҭышәынтәалареи иахәоит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, Иракли Ӷарибашвилии Кристиан Даниельсони анапхгаратә гәыԥи аоппозициеи рыбжьара иӡбам азҵаарақәа ирыхәаԥшитю Аганқәа азгәарҭеит азакәан аиҳаӡареи адемократиатә институтқәа рпатуқәҵареи аҵак ду шамоу.