Иракли Ӷарибашвили аимпортиорцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Ҭырқәтәылантә ахәышәқәа иаамҭаны иааргарц
Иракли Ӷарибашвили аимпортиорцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Ҭырқәтәылантә ахәышәқәа иаамҭаны иааргарц

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, Ҭырқәтәыла аџьармыкьа аартра ашьҭахь, аимпортиорцәа атәылахь зхаҭабзиара ҳараку, хыхә цәгьам ахәышәқәа иаамҭаны ааргоит ҳәа дгәыӷуеит.

“Даҽазнык ауааԥсыра расҳәар сҭахуп Ҭырқәтәылатәи аџьармыкьа шааҳартыз.  Аимпортиорцәа рахь ааԥхьара ҟасҵоит Ҭырқәтәылантә ахәышәқәа иаамҭаны аргарц. Ҳара ари апроцесс икылкааны ҳацклаԥшуеит,” – иҳәеит аԥыза-министр.

Ажьырныҳәа 17 рзы Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили  иҟаиҵаз аҳәамҭала, Ҭырқәтәыла аџьармыкьа аартреи, Ҭырқәтәылантә зхаҭабзиара ҳараку GMP астандартқәа ирышьашәалоу ахәшәқәа раагареи рзы аиҳабыра рықәҵара анапы аҵаҩын.