Индиа Аҧыза-министр Қеҭеван ацқьа лцәеижьхәҭақәа ҳаҭыр рықәҵаны, Гоа анапхгара урҭ рыхьчаразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит  
Индиа Аҧыза-министр Қеҭеван ацқьа лцәеижьхәҭақәа ҳаҭыр рықәҵаны, Гоа анапхгара урҭ рыхьчаразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит  

Индиа Аҧыза-министр Нарендра Моди  Қеҭеван ацқьа лцәеижьхәҭақәа ҳаҭыр рықәҵаны, Гоа анапхгара урҭ рыхьчаразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит

Ари аинформациа аладырҵәеит индиатәи АИХ.

Индиа аиҳабыра рнапхгаҩы иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла ауааҧсыра Қеҭеван аҳҧҳәыс ҷыдала ишлызныҟәо.

Нарендра Моди иажәақәа рыла,  Қеҭеван ацқьа лцәеижьхәҭақәа Қырҭтәыла аҭара Қырҭтәылазы  аинтерес зҵаз,  ацәанырра ду зцыз хҭысын, уи  Индиеи Қырҭтәылеи реиҩызара  амч ҿыц анаҭоит.

Индиа Аҧыза-министр ари атема далацәажәеит арадиопрограмма  «Ман Ки Баати» аҿы.