Independent – Қырҭтәыла раҧхьатәи ҳәынҭқарроуп авакцинациа иахысыз апассаџьырцәа рзы аҧкрақәа аҧызхыз
Independent – Қырҭтәыла раҧхьатәи ҳәынҭқарроуп авакцинациа иахысыз апассаџьырцәа рзы аҧкрақәа аҧызхыз

Британиатәи аҭыжьымҭа  Independent авакцинациа иахысыз атуристцәа аныҟәара ахьрылшо ҳәынҭқаррақәа рсиа аланарҵәеит. Қырҭтәыла инаваргыланы, асиа иануп Естониеи, Румынтәылеи, Исландиеи, Кипри.

«Авакцинациа акурс наӡа иахысыз, авакцина 2 дозак ҟазҵаз атуристцәа, иашьашәалоу адокумент цәырганы, Қырҭтәыла аныҟәара рылшоит.

Қырҭтәыла раҧхьатәи ҳәынҭқарроуп авакцинациа иахысыз апассаџьырцәа рзы аҧкрақәа зегьы аҧызхыз», —  илҩит  Independent ажурналист Ҳелен Коффи. Лара ишазгәалҭаз ала, жәабран 1 инаркны авиаеилахәырақәа Қырҭтәылаҟа ареисқәа рымҩаҧгара иалагеит.