Импыҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто Алхратә комиссиа "ахада иалхрақәа" рыҿҳәара хәымш ирылагӡаны шьақәнаргылароуп
Импыҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто Алхратә комиссиа "ахада иалхрақәа" рыҿҳәара хәымш ирылагӡаны шьақәнаргылароуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто Алхратә комиссиа “ахада иалхрақәа” рыҿҳәара хәымш ирылагӡаны шьақәнаргылароуп. Абри атәы урыстәылатәи агентра “Тасс” акорреспондент изеиҭаиҳәеит Аҧсны де-факто Алхратә  комиссиа алахәыла Гиви Габниа.

Аҧсны де-факто Алхратә  комиссиа алахәыла иҳәамҭала рыла, азакәан инақәыршәаны ахашшааратә инстанциа аӡбара амч аиуит уи анрыларҳәа инаркны.

Гиви Габниа ишазгәеиҭаз ала,  иазҿлымҳау ахаҿқәа ахашшааратә инстанциа аӡбара Аҧсны де-факто Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум аҟны иахашшаар азин шрымоу.

Аҧсны де-факто Алхратә  комиссиа алахәыла иажәақәа рыла, импыҵaхaлоу Аҧсны азакәан инақәыршәаны, иааиуа ахада иалхрақәа мҩаԥысаанӡа ахада инапынҵақәа наигӡалоит Рауль Ҳаџьымба.

Ажьырныҳәа 10 рзы импыҵaхaлоу Аҧсны  де-фaкто Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аԥсны “ахада иалхрақәа” реиҭамҩаԥгаразы аӡбара аднакылеит.  Де-фaкто Ахашшааратә инстанциа аӡбарҭа цәыббра 20 рзы имҩаԥысыз импыҵaхaлоу Аԥсны де-фaкто “ахада иалхрақәа” аҩбатәи ртур алҵшәақәеи аӡбарҭа актәи аинстанциа аӡбареи закәаным ҳәа иазханаҵеит.