Импыҵaхaлоу Аҧсны аҧыза-министр аоппозициаа рхаҭарнакцәа дырҧылеит
Импыҵaхaлоу Аҧсны аҧыза-министр аоппозициаа рхаҭарнакцәа дырҧылеит

Импыҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто аҧыза-министр аоппозициаа рхаҭарнакцәа дырҧылеит. Ари атәы аанацҳаит Итар Тасс.

Урыстәылатәи аинформациатә агентра ишаанацҳаз ала, Валери Бганбеи аоппозициаа рхаҭарнакцәеи реиҧылараан ирылацәажәеит аҭагылазаашьа ҭышәынзыртәалаша азҵаарақәа жәпакы.

Аиҧылара де-факто Апарламент ахыбраҿ мҩаҧган.

Импыҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто ахада Иусбарҭа ахыбра аҧхьа аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Аԥхьа ауаа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Урҭ иҟоу акриминогентә ҭагылазаашьазы агәынамӡара аадырԥшуан.

Убри аамҭазы де-фaкто Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы иахәаԥшуан атәыла ахадарахь кандидатс иҟаз Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ. Амитинг алахәылацәа атәыла де-фaкто ахада Иусбарҭа ахыбрахь инеит алхрақәа рылкаақәа еиҭарыхәаԥшызарц азы адҵа ҟаҵо. Амитинг алахәылацәеи азинхьчаратә органқәеи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит.

Аоппозициаа рхаҭарнакцәа ахыбра актәи аихагыла ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽны иҩналеит. Абри ашьҭахь Аԥсны де-фaкто ахада Рауль Ҳаџьымба атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҽынкылара аадырԥшларц. Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иҟоу аҭышәныртәаларазы атәылаҿ аҭагылазаашьа ҷыда алагалахар шалшо. Иара убри аҽны адепутатцәа ԥыҭҩыки атәыла ахадеи аиԥылара рыман.

Ажьырныҳәа 10 рзы импыҵaхaлоу Аҧсны  де-фaкто Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аԥсны ахада иалхрақәа реиҭамҩаԥгаразы аӡбара аднакылеит. Урыстәылатәи аих ишаарыцҳаз ала, Ахашшааратә инстанциа аӡбарҭа цәыббра 20 рзы имҩаԥысыз импыҵaхaлоу Аԥсны де-фaкто ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур алҵшәақәеи аӡбарҭа актәи аинстанциа аӡбареи закәаным ҳәа иазханаҵеит.