Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 92-ҩык рыдбалоуп, аӡәы иԥсҭазаара далҵит
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 92-ҩык рыдбалоуп, аӡәы иԥсҭазаара далҵит

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит  443-ҩык, урҭ рҟынтә 92 -ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 270-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 37-ҩык ртагылазаашьа цәгьоуп.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ пациентк иԥсҭазаара далҵит.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан  7871-ҩык aуaaҧсырa, урҭ рҟынтә ачымазара иалҵхьеит 6003-ҩык, 102-ҩык иҧсит.