Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 87-ҩык рыдбалоуп, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 87-ҩык рыдбалоуп, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит 308-ҩык, урҭ рҟынтә 87-ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 143-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 26 -ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ абҵара 29 рзы рыԥсҭазаара иалҵит  ҩыџьа апациентцәа, Аҟәа – аӡәы.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан  5 970-ҩык aуaaҧсырa, ачымазара иалҵхьеит 3 845-ҩык, 84-ҩык иҧсит.