Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 67-ҩык рыдбалоуп
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 67-ҩык рыдбалоуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит 373-ҩык, урҭ рҟынтә 67-ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп  183-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 26-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациентцәа.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан  4 898-ҩык aуaaҧсырa, 3 227-ҩык aчымaзaрa иaлҵхьеит,  58-ҩык иҧсит.