Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 65-ҩык рыдбалоуп
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 65-ҩык рыдбалоуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит 256-ҩык, урҭ рҟынтә 65-ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 140 -ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 30-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ иԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациентцәа – 1965  шықәсазы ииз аԥҳәыси  1947 шықәсазы ииз ахаҵеи.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан   3 608-ҩык aуaaҧсырa, 5 278-ҩык aчымaзaрa иaлҵхьеит, 67-ҩык иҧсит.